Арадио

Дочиа еиҭеиҳәеит Тҟәарчал анхарҭатә ҭыԥқәа ашәҟәҭагалара аус шцо

Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы анхарҭатә ҭыԥқәа реилыргаразы ицо аусурақәа ртәы.
Sputnik
Дочиа еиҭеиҳәеит Тҟәарчал анхарҭатә ҭыԥқәа ашәҟәҭагалара аус шцо

"Анхарҭатә ҭыԥқәа ривентаризациа азҵаара ихадоу ируакуп, аха араҟа ирацәахеит апроблемақәа ари азҵаарала. Тҟәарчал иҳамоуп 1500 уада рҟынӡа, анхарҭатә фонд ахь имыиасыц. Зны анхарҭатә ҭыԥқәа зегьы ҳаԥхьаӡеит, анаҩс инхо инымхои реилыргара ҳалагеит. Иҟоуп ара аҭыԥ аанкыла измоу, аха ҽаџьара инхо, урҭ ԥшааны ауаҭах аҳәынҭқаррахь ииасуеит ҳәа адырра рыҭамзар, анаҩс апроблемақәа цәырҵуеит азы, ус еиԥш аилыргарахь ҳаиасит уажәы. Уи аус анкыркәшахалак иҭацәу ауадақәа зегьы афонд ахь ииагахоит. Ари аус ус имариамхеит аҟаҵара. Ара инымхо, аха иҭаҩҩу рацәахеит. Ауаҭах ашә ҿам, аԥенџьыр ҿам, иԥҽны игылоуп "са истәуп" ҳәа, аӡы ахә ишәом, алашара ус шаҟа. Абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа аҭыԥ иқәҵатәуп", - еиҭеиҳәеит Дочиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.