"Сыҷкәын аиҵбы аҩбатәи акласс аҿы дтәоуп, ус иахьӡуп ауп. Ачымазара ианалага, ииасыз аҵарашықәс азы, ашкол ҳшалгаз дыруп. Анаҩс аҩбатәи акласс ахь ҳцеит, уи ашьҭахь еиҭа аҩны ҳдыртәеит. Аиашазы, сыҷкәын иахьа изеилкааӡом ашкол иаҵанакуа, иара изы ашкол аҩноуп. Ари аҭагылазаашьа џьара ҳкылнагап ҳәа сгәы иаанагом, избанзар, адистанциатә ҵара сара исзеиҿкаауам, техникала сара сеиқәыршәаӡам. Ҩыџьа ахәыҷқәа рҵара аамҭа еиқәшәом, уи ҳара ҳамарам. Ҩажәа- ҩажәа минуҭ рыла аурок аҟаҵара уи ҵарам, ҳхы ҳжьоит, арҵаҩцәагьы ус. Ҳхәыҷқәа баша иԥхасҭаҳтәуеит ҳәа агәаанагара ҳамоуп, дара аҵара ргәахшәеит, аиашазы. Ахәыҷқәа срыдтәалоуп, аус суӡом, аха сара сымч ақәхоны ҳәа акгьы збом. Ҳҵара аминистрра иазымхәыцит ари апроблема аӡбашьа. Ҳара ҳарҵаҩцәа рхала рҭелқәа аԥара ҭаҵаны рҵаҩцәа ирызнеиуеит. Дареи аҭаацәеи ҳапроблема акакәхеит, убри аҟнытә ҳаизаны џьара акахьы ҳкылсны шьаҿақәак ҳадаҳкылароуп аҵара процесс иацҵаразы, уаҳа ԥсыхәа ыҟаӡам", - ҳәа еиҭалҳәеит Гәымԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.