Ашьапылампыласыҩ Диего Марадона иԥсҭазаара далҵит

1986 шықәсазтәи ашьапылампыл азы адунеи ачемпион Диего Марадона 60 шықәса ихыҵуан. Ааигәа ихшыбаҩ аоперациа азыруит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 26 - Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит 1986 шықәсазтәи ашьапылампыл азы адунеи ачемпион Диего Марадона ҳәа аанацҳаит аргентинатәи ателеканал TN.

Жьҭаара 30 рзы ахәышәтәырҭахь днаган амедицинатә ҭҵааразы, аха нас ишеилкаахаз ала аоперациа изуын. Абҵара 12 рзы Марадона ахәышәтәырҭаҟынтә дылҩаан.

Идукат Матиас Морл ишиҳәаз ала Марадона аҽа хәышәтәырҭак ахь диаргараны иҟан.