Арадио

Габниа Аԥсны Аконституциа азы: аԥсахрақәа аларымгалаларц залшом

Абҵара 26 Аԥсны азакәан хада- Аконституциа иамшуп. Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аԥсны атәыла азакәан хада.
Sputnik
Габниа Аԥсны Аконституциа азы: аԥсахрақәа аларымгалаларц залшом

Аԥсны Аконституциа рыдыркылеит Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараан абҵара 26, 1994 шықәсазы. Жьҭаара 3, 1999 шықәсазы иара жәларызегьтәи абжьыҭирала иазыразхеит.

"Аконституциа уи шьаҭанкылатәи азакәан ҳәа иуԥхьаӡар ауеит. Раԥхьаӡа ирхәыцуеит ауасхыр, анаҩс уи инақәыршәаны ауп ишыҟарҵо егьырҭ азакәанқәа. Еилкаауп Аконституциа 26 шықәса ахыҵуеит, ианрыдыркылоз аамҭа даҽакын, арҭ ашықәсқәа рыҩныҵаҟа еиуеиԥшым аԥсахрақәа, аҭагылазаашьақәа ҟалеит. Аконституциа иреиҳаӡоу закәанны излаҟоу ала амч аанхоит, аха аԥсҭазаарагьы еиуеиԥшым ҿыц ахырхарҭақәа аанартуеит, иҿыцу аизыҟазаашьақәа ҟалоит, убри аҟынтә ашәарҭара ҿыцқәа цәырҵыр алшоит. Арҭқәа азгәаҭаны ихадоу азакәан аҟны аԥсахрақәа ҟамлакәа аҭоурых иарбам. Ҳара ҳҟынгьы иҟаҵан аԥсахрақәа. 1999 шықәсазы аӡбаҩцәа рмаҵура аамҭа хәышықәса инаган, анаҩс рыҿҳәара аамҭа ҩаԥхьа аԥсахрақәа раан иацҵан. Аконституциа еснагь аԥсахрақәа аларымгалаларц, абыжьбатәи ахәҭа ду аҟны иарбан аԥсахшьа шыҟаҵатәу аԥҟарақәа, урҭ аԥсахрақәа рылагалан, аԥсахшьа ашьаҿақәа иаҳа идыруадаҩит", - иҳәеит Габниа.

Шәазыӡырҩа аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: