Арадио

Цыгәба Цандрыԥшь амҩақәа акаҭран рықәҵаразы: ҳгәы шьҭызхыз хҭысуп

Цандрыԥшь аҳабла ахада ихаҭыԥуаҩ Нали Цыгәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амҩақәа акаҭран ақәҵаразы ицо аусурақәа ртәы.
Sputnik
Цыгәба Цандрыԥшь амҩақәа акаҭран рықәҵаразы: ҳгәы шьҭызхыз хҭысуп

"Аибашьра ааилгеижьҭеи ҳамҩақәа рҭагылазаашьа азҵаара ҳаргәаҟуан. Жәамш раԥхьа иалаган аусурақәа, угәы иаахәаратәы ицоит, мышкы аусзуҩцәа ҳрыдымҵаалакәа иҟамлацт. Иахьазы, ҩ-километрак инацны иқәырҵахьеит акаҭран. Ҳқыҭа ахы-аҵыхәа еимаздо амҩа аура дууп, 9 километраки 300 метреи иҟоуп. Ԥсоу аҳәааҿы иаалгоит, ақыҭа иахьаанҵәо ицоит. Уи ианалгалак еиҭа амҩа кьаҿқәакгьы рыҟаҵра азгәаҭоуп", - еиҭеиҳәеит Цыгәба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: