Арадио

Амԥар еиҭеиҳәеит Калдахәара ақыҭа анхацәа ирыбзазашьоу атәы

Калдахәара ақыҭа ахада Даур Амԥар арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа рнапы злаку, хныҟәгагас ирымоу, насгьы урҭ рыбзазараҿы ргәы иҵхо азҵаарақәа ртәы.
Sputnik
Амԥар еиҭеиҳәеит Калдахәара ақыҭа анхацәа ирыбзазашьоу атәы

"Ақыҭан аӡы апроблема ҳаман, уи аӡбразы уажәы аусурақәа цоит. Ҳамҩақәа ракәзар, абӷанҷ ықәыԥсан иҳамоуп, акаҭран ҳҭахгәышьоуп, аха макьана ус еиԥш алшара ыҟам. Хә-бригадак ахьынхо ақыҭа аҟнытә ҩ-бригадак алашара азҵаара иаргәамҵуеит. Абетонтә шьаҟақәа гылазар бзиан. Урҭ ақыҭа аҩадахьы инхоит аҟнытә, анеирагьы ус иманшәалам. Абжеиҳараҩык ақыҭаҿы ашкол-интернат аҿы аус руеит, ҭаацәаныла аус зуагьы ыҟоуп. Егьыс аԥхын анхаҩцәа ақалақь аҿы ицаны аус руеит, аӡын-ааԥын аамҭазы аҩны иҟоуп. Зынӡа иааизакны ақыҭаҿы 240 ҭӡы ҳаҟоуп", - еиҭеиҳәеит Амԥар.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.