Арадио

Барганџьиа еиҭеиҳәеит анхаҩцәа рҟынтә шаҟа кьыла апты рыдыркылахьо

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа еизыргаз апты адкылара аус шцо атәы.
Sputnik
Барганџьиа еиҭеиҳәеит анхаҩцәа рҟынтә шаҟа кьыла апты рыдыркылахьо

"Иахьатәи амш иналаҵаны ҳара иҳадаҳкылахьеит 3100 кьыла. Абҵара 15 рзы ҳалагеит, ауаа ирылаҳҳәеит иҳадаҳкылоит ҳәа, х-раионк рҿы адкылара мҩаԥган: Очамчыра 1850 кьыла еизган. Гал - 640 кьыла, Тҟәарчал 610 -кьыла. Ҵыԥх ҳара иҳадаҳкылеит зынӡа 5400 кьыла, усҟан ааԥынгьы еизаҳгозгьы налаҵаны. Ари ҭагалантәи мацара ахьыԥхьаӡарақәа роуп. Аусурақәа рзы сынтәа иаҳзоушьҭуп 4 миллионк аԥара. Анхацәа макьана аизгара иаҿуп. Егьырҭ ашықәсақәа реиԥш ианеизыргалак адырра ҳарҭоит. Акомиссиа уи аҭыԥахь ицоит ирыдкыланы ирбылуеит", - еиҭеиҳәеит Барганџьиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: