Ҳазлацәажәаша амоуп: Сангәылиа Тҟәарчалтәи атеатр иазкны
© Sputnik
"Ашахтиор Асҭамыр Цыба ҳәа дыҟан, атеатр даара бзиа ибон, иара иоуп еиҿызкааз ахаԥшьгаратә гәыԥ. Бзиа ибаны иалагеит, аха ауадаҩрақәа анрызцәырҵ, дрыцхраарц Аҟәантәи иҳәаны днарԥхьеит Аԥсуа театр актиор Шәарах Ԥачалиа. Раԥхьатәи аспектакль 1956 шықәсазы иҭрыжьит, иахьӡын "Ачара ду", иара ақәҿиара аиуит, уи ашьҭахь русура иацырҵеит", - иҳәеит Сангәылиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Қьышьмариа Тҟәарчалтәи атеатр иазкны: аџьа иалҵыз ауп
Тҟәарчалтәи атеатр: Шәарах Ԥачалиа игәаларшәара ҳуалуп