Ахәыҷы машәырны хнызқь шықәса зхыҵуаз иуникалу артефакт иԥшааит

Арԥшӡага ԥшь-ҿыгҳарак амоуп, дара зегь хаз-хазы ахьтәы еимхәыццырақәа рыла ишьақәгылоуп, ашәҭ асахьа амоуп.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 30 — Sputnik. Жә-шықәса зхыҵуа Биниамин Милт Иерусалим, Храмоваиа гора ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҿы ахьтәы еимхәыцыра ибеит. Аимхәыццыра ақәра х-нызқьшықәса рҟынӡа ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Temple Mount Sifting Project асаит адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Арԥшӡага ԥшь-ҿыгҳарак амоуп, дара зегь хаз-хазы ахьтәы еимхәыццырақәа рыла ишьақәгылоуп, ашәҭ асахьа амоуп. Убри аан дара рҭагылазаашьа бзианы иҟоуп. Аԥшаах здырбаз археолог аԥхьаҵәҟьа ҳаамҭазтәи рыԥшӡагаз џьишьеит.

Нас еилкаахеит аимхәыццырақәа Актәи абааш аамҭа (Соломон ибааш, ҳера ҟалаанӡа 950 - 586 шш. — аред.) иатәуп ҳәа.

Аҵарауаа ирҳәеит асеиԥш иҟоу амаҭәарқәа шамахамзар ишуԥыхьамшәо.