Ҭориаԥҳа лҵаҩцәеи лареи акарантин аамҭазы реимадаразы: рдырра ацҵара зегьы алшара рымам
© Sputnik
"Аимадара аганахьала проблема хаданы иҟоуп атехника амамзаара ауп. Еиҳарак ҭелла ауп ҳшеимадоу. Иҟоуп аҭаацәарақәа ахәыҷы рацәа иахьрызҳауа, амамзаара иахҟьаны ус еиԥш алшара змамгьы. Иаагозар, сара аԥшьбатәи акласс аҟны 9-ҩык аҵаҩцәа сымоуп, урҭ рахьынтә хәҩык рҭаацәа аусурахь иахьныҟәо аҟынтә ауатсап ахь ианзцәырымҵуа ыҟоуп, хҩык зынӡа измам роуп ҳәа ҳҳәар ҟалоит", - лҳәеит Ҭориаԥҳа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҵара аминистрра ажьырныҳәа 12 рҟынӡа аҵаратә процесс аанкыларазы адҵа ҭнажьит