Кәыҵниа еиҭеиҳәеит абылара аҽацәыхьчара аԥҟара иқәымныҟәо ахараԥса шаҟа рықәырҵо
© Sputnik
"Ашықәс ҿыц анааигәахо аамҭазы еиҳарак агәаҭаратә усқәа мҩаԥаагоит еиуеиԥшым ахәаахәҭратә обиектқәа рҟны, аџьармыкьаҿы. Иҟоуп ахыбрақәа абылра аҽацәыхьчаразы аԥарақәа ирықәымныҟәо аԥара ҳамам ҳәа азгәаҭаны. Уи еиҳарак изыдҳәалоу амцакразы адырра узҭо ахархәагақәа ахьықәдмыргыло ауп. Иара ахәгьы маҷым, иззыҟамҵо рацәаҩуп, аха есышықәса уи аганахьала аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхоит", - иҳәеит Кәыҵниа.
Иара иазгәеиҭеит ҩышықәса раԥхьа абылра аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ирықәымныҟәоз 300 мааҭ ахараԥса рықәырҵозҭгьы, уажәшьҭа урҭ 4 нызқь инаркны 12 нызқь мааҭ рҟынӡа рықәырҵоит.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.