"Спутник V" 40 миллион доза рҟынӡа адунеи аҟны иҭрыжьлоит мызкы аҩныҵҟа

Урыстәылатәи аҭыжьыҩцәа аҩныҵҟатә џьармыкьа аҭахрақәа анханарҭәаалак анҭыҵҟагьы алаҵа рышьҭлоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Акоронавирус хызҽуа алаҵа "Спутник V" аҳәаанырцә плошьчадкақәа рахь хәажәкырамзазы инарышьҭуа 40 миллион доза рҟынӡа инаӡалоит, ҳәа иҳәеит аинвестициақәа урыстәылатәи Рфонд аиҳабы Кирилл Дмитриев ООН Ассамблеиа хада асессиаҿы иқәгылараан.

"Ҳгәы иаанагоит аҭыжьра иҵегьы еиҳаҳтәуеит ҳәа. Хәажәкырамза аламҭала инаркны мызкала ианеиҵаха 40 миллион доза рҭыжьра ҳалшоит ҳәа ҳгәыӷуеит", - иҳәеит Дмитриев.

РИА Новости иазгәанаҭеит аҳәаанырцә плошьчадкақәа рҿы аҭыжьра шакәу излацәажәаз.

1,2 миллиард доза алаҵа "Спутник V" аиуразы азыҳәа ҟарҵахьеит 50 тәыла рҟынтәи. Алаҵа аҳәаанырцә џьармыкьақәа рзы иҭрыжьлоит жәларбжьаратәи апартниорцәа Индиа, Бразилиа, Китаи, Алада Кореиа уҳәа егьырҭгьы рҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: