Арадио

Џьынџьиа аҵарааӡара аԥкрақәа раан: итрадициатәу аформа ада, даҽакы ҳзыманшәалам

Очамчыра араион аҵараҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашколқәа рҟны аҵаратә процесс аԥкрақәа раамҭазы иахьынӡеиҿкаау атәы.
Sputnik
Џьынџьиа аҵарааӡара аԥкрақәа раан: итрадициатәу аформа ада, даҽакы ҳзыманшәалам

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ажьырныҳәа 12 рҟынӡа аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аҵаратә процесс аанкыларазы адҵа ҭижьит Аԥсны ахада атәыла ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы иусдҵа шьаҭас иҟаҵаны. Адҵа инақәыршәаны ашколқәраҟынӡатәии абжьарапрофессионалтәи ҵараиурҭақәа налаҵаны аҵаратә процесс нкылахоит. Ашколқәеи аколлеџьқәеи рҟны аурокқәа рымҩаԥгара рабжьгоуп абарҭ аформақәа руак рыла: ишиашоу ицо аефир (нас иҭаҩны); заа иҭаҩу авидеоурокқәа; латәарадатәи асистема.

"Иаахҵәаны иуҳәозар иҳадыргало аҟынтә акгьы ҳзыманшәалаӡам. Ҳара ҳзы иманшәалоу итрадициатәу аурокқәа роуп. Иахьатәи аамҭазы ауадаҩрақәа, ахынҭаҩынҭарақәа рылҵразы, ахәыҷқәа ҵарада иаанымхарц, арҵаҩцәа, хымԥада, ирылшо зегь ҟарҵароуп. Ашколқәа аус руам, аха аҳәынҭқарра ауалафахәы ҳанаҭоит. Арҵаҩцәа изларылшо аус руеит, аха рыцҳарас иҟалаз, ақалақьтә школқәа уск руазаргьы, ақыҭатә школқәа рҟны ауадаҩрақәа рацәаны иҟоуп", - иҳәеит Џьынџьиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: