Арадио

Габлиа: ҳхықәкы- ашколтә программа зегьы ахысра акәым, онлаин ала асистема ашьақәгылароуп

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит Аԥсуа телехәаԥшра апресс-центр аҟны. Иара иазгәеиҭеит аҵаратә система онлаин ахь аиагара гәҭакыс ишрымоу.
Sputnik
Габлиа: ҳхықәкы- ашколтә программа зегьы ахысра акәым, онлаин ала асистема ашьақәгылароуп

"Гәҭакыс иҳамоу онлаин аҵарахьы аиасра ауп. Еилкаауп аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ишырҭаху апрограмма зегьы ахысра, аха аамҭа рацәаны иаҳцәыӡит. Уажәшьҭа хықәкыс иҳамоу апрограмма ахьӡара акәӡам, иара ус асистема ашьақәгылара ауп. Аиҭахысра ҳшаҿыз еиҭа акарантин ахь ҳцеит, уажәшьҭа ашкол анапхгареи аҵара аҟәшақәа реиҳабацәеи асистема амҩа иқәырҵарц ауп ихадоу. Ԥшӡала аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахар зегьы ашкол ахь ицоит, аха макьаназы уи залыршахом", - иҳәеит Габлиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: