Арадио

Џьениа еиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион аҟны онлаин аҵара иахьынӡазыҟаҵоу атәы

Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аспециалист хада Римма Џьениа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иахьатәи аамҭазы араион аҟны аҵаратә процесс аиҿкааразы иазыӡбоу.
Sputnik
Џьениа еиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион аҟны онлаин аҵара иахьынӡазыҟаҵоу атәы

Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ажьырныҳәа 12 рҟынӡа аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аҵаратә процесс аанкыларазы адҵа ҭижьит Аԥсны ахада атәыла ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы иусдҵа шьаҭас иҟаҵаны. Адҵа инақәыршәаны ашколқәраҟынӡатәии абжьарапрофессионалтәи ҵараиурҭақәа налаҵаны аҵаратә процесс нкылахоит. Ашколқәеи аколлеџьқәеи рҟны аурокқәа рымҩаԥгара рабыжьгоуп абарҭ аформақәа руак рыла: Ишиашоу ицо аефир (нас иҭаҩны); заа иҭаҩу авидеоурокқәа; латәарадатәи асистема.

"Ашколқәа араион аҟны 29 ҳамоуп, иҭаҳҵаауан шаҟаҩы алшара рымоу аҭагылазаашьа атехника ахархәарала аҵаразы. Еилкаауп зегьы шеиқәшәам иахьатәи аамҭа иақәшәо атехнологиала аҵаразы. 30 процент ахәыҷқәа роуп ус еиԥш аҭагылазаашьа змоу. Онлаин-аурокқәа рымҩаԥгара реиҿкаара аҭахуп. Иҟоуп аҭаацәа аԥара шәаны зхәыҷқәа арҵаҩы иахь изышьҭуа, ус еиԥш злымшо ахәыҷқәа аган иавахоит. Аҵарашықәс азбжа ииасит, уажәшьҭа иуадаҩуп аҳәара ишыҟало. Сгәаанагарала аԥхынтәи амзақәа ахархәара рзутәуп", - лҳәеит Џьениа .

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: