Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гогьиаԥҳа ахыԥхьаӡара аихшьааларатә аизга атәы

Иҭыҵит 2019 шықәсазтәи ахыԥхьаӡара аихшьааларатә аизга. Иара еиқәыршәан Аԥсны аҳәынҭқарра ахыԥхьаӡара аихшьааларҭатә аилак абзоурала. Аҭыжьымҭа ианылаз ахырхарҭа ҿыцқәеи аԥхьаҟа иҵегьы аус здырулараны иҟоуи ртәы еиҭалҳәеит аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩы Кама Гогьиаԥҳа.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: Гогьиаԥҳа ахыԥхьаӡара аихшьааларатә аизга атәы

"2019 шықәсазтәи ажурнал акыр аџьабаа адаҳбалеит, аҩаӡарагьы иаҳа иҳаракуп. Иану арбагақәа зда ыҟам цхыраароуп Аԥсны ахадара, аиҳабыра аусбарҭақәа, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа, аусдкылаҩцәа рзы. Аԥсны асоциал- економикатә рҿиара иаанырԥшуа зегьы излаҳалшо ала хыԥхьаӡарала еиҿкааны, еихшьаланы иҟаҳҵо арбагақәа роуп", - лҳәеит Гогьиаԥҳа.

Лара еиҭалҳәеит аҭыжьымҭаҟны иҟарҵаз алагала ҿыцқәа ртәы, урҭ иреиуоуп акурортқәеи атуризми ирызку ахырхарҭа, адәныҟа аекономикатә усура, хаҭалатәи аусдкылаҩцәа рсиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.