Иаанагозеи Ердоган Бақәаҟа апарад ахь иаара

Ԥхынҷкәын 10 рзы Бақәа имҩаԥысраны иҟоу арратә парад Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах иагаз аиааиреи арегион аҿы Ҭырқәтәыла арратә қәҿиареи ирызкуп.
Sputnik

Апарад аҿы Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоган иҟазаара символра азнауеит НАТО Аахыҵ Кавкази Каспиа иаԥну арегиони рҿы аҽахьарҭбаауа.

Александр Хроленко, арратә хҳәааҟаҵаҩ

Бақәа уажәы арратә парад рҽазыҟарҵоит. Аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 10 рзы 3000-ҩык аруааи 150 ак арратә техникеи алархәны. Апарад иаладырхәуеит арратә трофеиқәагьы.

Азербаиџьан ахада Ильхам Алиев адҵа ҟаиҵеит Аиааира амш шьаҭаркызарц. Аҳәынҭқарратә АИХқәа аибашьраҿ аиааира амилаҭ аҭоурых аҿы акрызҵазкуа хҭысны аӡбахә рҳәоит. Азербаиџьантәи аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура иазгәанаҭоит: "Сас дахьк иаҳасаб ала Реџьеп Таип Ердоган Аиааира апарад атрибунаҿ иҟазаара атиурктә иашьара аанарԥшуеит", - ҳәа.

Уаанӡа Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистр Хулуси Акар далацәажәахьан Азербаиџьан ацхыраара аҭара шауа аруаа разыҟаҵара аформат ала. Ус шакәугьы Анкараа аимак аан иҟанаҵаз ацхыраара аидеализациа аҭахым. Ҭырқәтәыла Аҩадатлантикатә алианс иалахәылоуп. Алианс иахықәкуп адунеи зегь аҟны амчратә ԥыжәара амазаареи аенергоресурсқәа рхылаԥшреи. Азербаиџьан акәзар анефҭи агази амоуп.

Арратә ешьара

Ҟарабах 44 мши-ҵхи аибашьра ицоз ашьҭахь Азербаиџьани Ермантәылеи Урыстәыла абжьаҟазарыла аибашьра аанкыларазы еилацәажәеит. Арегион ахь инаргеит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа. Аха аҭагылазаашьа аҭышәынтәалараҟынӡа акыр бжьоуп.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Ашьха Ҟарабах аминақәа рҟынтәи ишыдрыцқьо иалацәажәоит

Азербаиџьан иаԥырҵоит уажәы аурыс-аҭырқәа центр, Ҟарабах аҭагылазаашьа ахылаԥшразы. Ҭырқәтәылатәи асапиорцәа азербаиџьантәи рколлегацәа ирыцхраауеит аминақәа реиҵыхраҿы. Иааидкыланы Ҭырқәтәыла Аахыҵ Кавказ иҟанаҵо анырра иубартә идухеит.

Sputnik уаанӡа еиҭанаҳәон Ашьха Ҟарабах индырхар ҟалоит аибашьра иалахәыз Шьамтәылатәи аибашьцәа ҳәа. Уи адагьы Ҭырқәтәыла адәныҟаполитикатә концепциа "ҩ-тәылак, жәларык" ииашаны аус ауазар "ҩ-тәылак, арк" ахархәара аиур ҟалоит. Арегион аҿы Ердоган иекономикатәи иполитикатәи интересқәа рыхьчаразы азербаиџьантәи аган алианс алаларазы аиуристтә ҷыдарақәа зегьы ирыцымныҟәаргьы алшоит. Иҟоу аконфигурациала Азербаиџьан азшьапык НАТО иаланаргылахьеит. Анкара акәзар, Османтәи аимпериа аҩаӡара аҽахьыгӡара иашьҭоуп.

Аекономикатә қәыӷәӷәара

Ҭырқәтәыла официалла ибзиоуп ҳәа ахнаҳәааит абҵара 9 азтәи аиқәшаҳаҭра, аха урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа уа иахьыҟоу агәаԥхом. Ҟарабах ишақәнагоу ахылаԥшра алшом. Анкара азыхиоуп уахь ар рынашьҭра. Сгәы иаанагоит ҭырқәтәылатәи аруаа аурысқәа "дара риаара" рцәыргеит ҳәа ишыршьо.

Америкатәи аҭыжьымҭа National Interest иазгәанаҭоит: "Азербаиџьан абҵара 10 Ермантәыла ианаиааиз амшны иазгәарҭоит. Аха аиааира ирыланаҵаз арҩашьыга аныиаслак, арбашт ари азербаиџьантәыла аҵыхәтәа шакәу", - ҳәа.

Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа Лачинтәи акоридор хылаԥшра аҭара иалагеит

Шьамтәыла, Ливиа, Ирак, Мрагыларатәи Амшынбжьаха, Аахыҵ Кавказ имаԥысуа ахҭысқәа рыхәшьара дууп. Ҭырқәтәыла адәныҟатә уал $421 миллиард иҟоуп. Уи аҟынтәи $181 млрд ашықәс аҩнуҵҟа ишәатәуп. Аҵыхәтәантәи хымз рыҩнуҵҟа ҭырқәтәылатәи алира 15% ацәыӡит. Ҭырқәтәыла аекспорт акоронавирустә епидемиа иахҟьаны 26% илаҟәит. Мрҭашәаратәи аналитикцәақәак агәра ганы иҟоуп аекономикатә ҭагылазаашьа уадаҩ аан Анкара иҟанаҵаз ацхырааразы акомпенсациа иаҳәоит ҳәа. Ара астратегиатә еиҿагылара аҭыԥ амоуп. Азербаиџьан иаиуз араионқәа быжьба рҟны хара имгакәа ауаа ннархароуп ($10 млрд).

Ибашамзар ҟалап аҳәынҭқарратә АИХқәа абҵара 9 рышьҭахь амилаҭтә ар шазхо, аиааира зылшаз азербаиџьантәи ар роуп ҳәа зырҳәо. Аҽаганкахьала Урыстәыла астратегиатә интересқәа ирызхьаԥштәуп. Аахыҵ Кавказ ахәмарра ду шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит.