Арадио

Кьышьмариа Аӡгара аԥсшьарҭатә ҩнқәа русуразы: уа ҳзыҟоу аԥсабара аиқәырхаразоуп

Аԥсшьарҭатә ҭыԥ "Аӡгара" аиҿкааҩцәа руаӡәы Олег Кьышьмариа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Кәыдрытәи аҩхааҿы аус зуа аԥсшьарҭатә ҩнқәа раатра иацыз ауадаҩрақәа ртәы.
Sputnik
Кьышьмариа Аӡгара аԥсшьарҭатә ҩнқәа русуразы: уа ҳзыҟоу аԥсабара аиқәырхаразоуп

"Кәыдрытәи аҩхаа анҭацәы аусуразы уахь снанагеит. Ара аҭыԥқәа даара иԥшӡоуп, ибеиоуп, ихьчатәу ҭыԥуп, аха хылаԥшрада иҟан. Амҩақәа бган, абахәқәа аӡы иаӡәӡәан иҟан. Дара амҩақәа еснагь иҟаҵатәу усуп. Абри зегьы аиҿкаара ҳгәы иҭаҳкит, абри аусгьы ҳаиднакылеит гәыԥҩык аҷкәынцәа. Ҳхатә џьабаала хышықәси бжаки амҩа мацара ҳаҿын. Даара аџьабаа адаҳбалеит. Аҵлақәа хыжәжәаны, аҳәынҵәа ахьҭаз иҭарбаны, уаҟа аус зуаз аҳәаахьчацәа ҳацырхырааны, убас амҩа ҟаҳҵеит, нас ҩнқәак ҳаргылеит, алашара наҳгеит. Ҳҩызцәа инеиуаз зегьы иргәаԥхоит. Иагқәоу макьана иҟоуп. Араҟа иҟоуп иҳаракӡоу аӡхыҽҽа, унеины уаҵагылартә еиԥш анеирҭа ҟаҳҵарц ҳҭахуп. Аҩнқәа ахьҳаргылаз ф-километрак амҩа наҳгеит техникала. Уаҟа иҟоуп Гәараԥ ҳәа аӡиа, уи анаҩсгьы еиҭа аӡиа маҷқәагьы ыҟоуп. Уа иҭоу акалмаҳа егьырҭ аӡиасқәа рҟны иҟоу иреиԥшӡам. Уахь ҳнеиаанӡа аӡиа аҭшьаара акәын изҿыз, акаҭақәа ҭарҵон, анышьла иҭыргон. Ҳара ҳнеижьҭеи иумбар залшом аԥсыӡ бзиан ишыҿиаз. Ишақәнагам зхы ныҟәызго иус ҳарбааԥсуеит излауала. Ҳара ара аԥсабара аиқәырхаразоуп ҳзыҟоу", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кьышьмариа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.