Арадио

Гогәуаԥҳа Тҟәарчал COVID-19 зыдбалоу ачымазцәа рзы: рхыԥхьаӡара еизҳауеит

Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа амедеиҳәшьа еиҳабы Емма Гогәуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит араион аҿы COVID-19 зыдбало рҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Sputnik
Гогәуаԥҳа Тҟәарчал COVID-19 зыдбалоу ачымазцәа рзы: рхыԥхьаӡара еизҳауеит

"Ааигәа иҳауит 15-ҩык ачымазцәа ҳхәышәтәырҭаҿы ишьҭаҵаны ацхыраара раҳҭартә еиԥш, акаруаҭқәа, ацәарҭамаҭәа. Иҳауит ахәшәқәа рзы архьшәашәага, уи адагьы еиҭа иҳагәқәоу ыҟоуп, ари амчыбжь азы ҳазыԥшуп. Уажәазы ахәышәтәырҭаҿы ачымазцәа шьҭаҳҵартә аҭагылазаашьа ҳамам, аха есыҽны ишахәҭоу ҳҽааибыҭаны ҳцоит араион аҿы иҟоу ачымазаҩцәа рахь, аҩны ирзыҟаҳҵоит агәырқәа. Уи адагьы ахәышәтәырҭаҿы иҳамоуп ауада ачымазаҩ дааины ацхыраара иаҳҭар ахьҳалшо. Цәыббрамзы инаркны иахьа уажәраанӡа аҿкы чымазара зыхьны ҳәа араион аҿы ишьақәыргылоуп 300-ҩык рҟынӡа, урҭ рахьынтә 200-ҩык ачымазара рхыргахьеит. Иахьатәи амш азы аҩны ацхыраара раҳҭоит 35-ҩык инареиҳаны. Жьҭаарамзазы ачымазцәа рхыԥхьаӡара даара ирацәан, абҵарамзазы иаҳа имаҷын, аха уажәы еиҭа иацло иалагеит. Ахәышәтәырҭаҿы ашьҭарҵарҭатә ҭыԥқәа ҟалар иаҳагьы иманшәалахоит ҳара ҳзы", - еиҭалҳәеит Гәогәуаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>