2050 шықәса рзы Урыстәыла ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акыр миллион агхоит

Урыстәыла ауааԥсыра реиҵахара афакторқәа иреиуоуп: арыжәтә, анаркотикқәа, аҭаҭын.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. 2050 шықәса рзы Урыстәыла ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 125 миллион агхоит ҳәа азгәанаҭоит адемографиатә ҭагылазаашьазы афедералтә проект "Трезвая Россия" ажәахә.

Аекспертцәа ргәаанагарала Урыстәыла ауааԥсыра реиҵахара афакторқәа иреиуоуп: арыжәтә, анаркотикқәа, аҭаҭын. Аҵыхәтәантәи 35 шықәса рыҩныҵҟа дара ирхырҟьаны рыԥсҭазаара иалҵхьеит 30 миллионҩык. Урҭ апроблемақәа ирыцлеит COVID-19.

"Адемографиатә ҭагылазаашьазы  афедералтә проект "Трезвая Россия" аекспертцәа ргәаанагарала аҭагылазаашьа аҽеиҭанамкыр 2050 шықәса рзы Урыстәыла ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 125 миллион агхоит", - ҳәа адокумент ацыԥҵәаха аанагоит РИА Новости.

Урыстәыла аекономика есышықәса 13 триллион мааҭ ацәыӡуеит арыжәтәжәра, анаркотик адкылара, аҭаҭын ахара  рыхҟьаԥҟьақәа ирхырҟьаны.

"Адемографиатә ҭагылазаашьазы афедералтә проект "Трезвая Россия" аекспертцәа ргәаанагарала аира аиҵахара иара убасгьы ирыдҳәалоуп аԥсихотроптә маҭәашьарқәа рыдкыларагьы.