Арадио

Багаҭелиа аԥсҭантәи Оҭҳараҟа илбааз амцазы: иаҳулакгьы иҳарцәеит

Оҭҳара ақыҭа инхо Павел Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арҭ амшқәа рзы абна амца ахьакыз аҟынтә рынхарҭақәа рахь иааигәахоит ҳәа ашәарҭара зеиԥшроу.
Sputnik
Багаҭелиа аԥсҭантәи Оҭҳараҟа илбааз амцазы: иаҳулакгьы иҳарцәеит

Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рҟны мышқәак цуеит абна амца акны абылра иаҿуижьҭеи. Атехника ҷыда уахь неишьа амаӡам, убри аҟынтә амцарцәаҩцәа аҭыԥқәа ирхылаԥшуан ауаа рынхарҭақәа рахь амца мнеирц. Иаха Оҭҳара ақыҭа инхо ауаа амца рзааигәахеит.

"Хәаԥ ақыҭа ахадагьы иаха дыҟан, иахьагьы иааит амцарцәаҩцәа, амашьынақәа руак Гагра араион ахь ицеит. Иаха даара иӷәӷәаны ацхыраара ҳарҭеит, ҳаҩнқәа амца ркуан арцәаҩцәа ыҟамызҭгьы. Х-машьынак иаха иааит Гагра, Аҟәа, Гәдоуҭантә, амца дырцәеит, шьҭа иҭынчроуп, аԥсҭахьы макьана алҩа ҩеиуеит. Арахә шьҭа иахьцо сыздыруам, аԥсҭа зегьы блит, аџьмақәа рҳәырҭа ыҟам", - иҳәеит Багаҭелиа.

Иара иазгәеиҭеит амца арцәара ишаҿыз ашамҭанӡа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: