Путин Баиден алхрақәа рҟны иигаз аиааира идиныҳәалеит

Абҵара хԥа рзы Еиду аштатқәа рҟны имҩаԥысит атәыла ахада иалхра. Абжьқәа рыԥхьаӡара акыр иуадаҩны имҩаԥысуан. Акандидатцәа дара дара ахара рыдибаҵон аполитикатә ԥаршеира мҩаԥгоуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Џьо Баиден идиныҳәалеит атәыла ахадараҿы ииааиразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Путин Баиден изеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, иҳәеит Урыстәылеи Америкеи аҳәоуеиқәымшәара шрымоугьы рҿаԥхьа игылоу апроблемақәа рыӡбра еицрылшап ҳәа дышгәыӷуа. "Сара хаҭала сазыхиоуп аус шәыцура", - иҳәеит Путин.

Џьо Баиден 306 бжьы иоуит, Дональд Трамп — 232 бжьы. Трамп макьана иаҵахара дақәшаҳаҭым. Иара абжьыҭара алҵшәақәа  дырашшуеит аха ӡбарҭак макьана  идымгылацт.

Баиден Трамп иахь ааԥхьара ҟаиҵеееит атәылауаа  ргәаанагара пату ақәиҵарц. Баиден 46-тәи америкатәи хадахоит. Иара иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп  ажьырныҳәа 20 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: