Арадио

Ашәуа: аинвалид имоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы зегьы ҳахшыҩ еилаҵатәуп

Аԥсны ауаажәларратә палатаҿ Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд 2020 шықәсазтәи аныхрақәа рзы аҳасабырба ҟанаҵеит. Афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа арадио Sputnik аефир аҿы аиԥылара алкаақәа ҟаиҵеит.
Sputnik
Ашәуа: аинвалид имоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы зегьы ҳахшыҩ еилаҵатәуп

"Зҵаарас иқәгылаз афонд анапы злаку аус аҿы ацхыраара аҭара шаҭаху ауп. Иҟаҵо аус ахҳәаа аназыҟаҳҵа ашьҭахь, ҳазҿу аус апалатаҿы иахаҵгылеит. Ҳара иаҳҭахуп ажәлар аиаша рызнагазарц, ҳаҽрыцқьаны, ҳсиақәа, ҳара, ҳус аҭыԥ ақәҵара ҳуалуп. Ахымхәа дазусҭоу, уахь иаҵанакуа, ауаа еилыркаарц ҳҭахуп. Аконтролтә палата ахаҭарнак далацәажәон афонд аҿаԥхьа ауал зқәу аԥарақәа ртәы, уи иааизакны 50 миллион рҟынӡа инаӡоит. Урҭ зқәу еиҳарак анаплакқәа роуп. Ауаажәларра апалата алахәылацәа ирҳәеит, ари азҵаара аганахьала аҳәынҭқарра аҟнытә ацхырара аҟаҵара рыҽшазыршәо. Ас еиԥш аиԥыларқәа шаҟа лассы-лассы иҟалало иаҳагьы ҳусура маншәалахоит, зегьы здыруа ҳәа дыҟаӡам, зегьы ҳахшыҩ еилаҵатәуп, аинвалид имоу ауадаҩрақәа рыӡбараҿы", - еиҭеиҳәеит Ашәуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: