2020 шықәсазы еиҳа илшамҭа духаз аӡбахә ҳәоуп

Ииасуа ашықәс акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥара иашықәсхеит. Адунеи аҵарауаа зегьы рымч-рылша COVID-19 аҟынтәи алаҵа аԥшаара иазкын.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. 2020 шықәсазы еиҳа лшамҭа дус иҟалаз аӡбахә ҳәоуп. Уи акоронавирустә инфекциа иаиааиуа алаҵоуп ҳәа аԥхьаӡоит ажурнал Science.

Аҭыжьымҭа иазгәанаҭоит еиуеиԥшым атәылақәа рҵарауаа, COVID-19 аҟынтәи алаҵа аԥҵара знапы алакыз.

Аиҳабыра, аҵарауаа, икоммерциатәым аиҿкаарақәа аԥара, ахшыҩ, амчлша азыркит ачымазара аиааира ҳәа аҳәоит анҵамҭаҿы.

"Уаанӡа аҵарауаа чымазарак аганахьала абриаҟара лаҵа ҭырымҵаацызт. Уаанӡа уск азы абриаҟара рҽеидырымкылацызт. Уаанӡа аамҭак ала абас масштаб дула аԥышәарақәа ҟарымҵацызт", - ҳәа аҩуеит аҭыжьымҭа.

Убри аан автор иазгәеиҭеит алаҵа атәыла беиақәаҵәҟьагьы ирзымхар ҟалоит ҳәа.

Уи адагьы, астатиа автор игәаанагарала, азеиԥш лаҵаҟаҵара иаԥырхагахар ҟалоит алаҵа агәрамгара, аҭыжьратә проблемақәа, анашьҭратә еиԥҟьарақәа иара акоронавирус ахаҭа аҽеиҭакра.