Чқәақә иҳәеит Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа COVID-19 ахәшәтәразы ацхыраара шыҟарҵо
© Sputnik
"Апроект аԥхьа ҳаналагоз ҳазхәыцуан ишыҟаҳҵара, ахәшәқәа араантә инаҳашьҭырц, мамзаргы ԥарала ҳәа. Ианҭаҳҵаа, еилкаахеит, ара ирҭиуа ахәшәқәа уа аҳақьымцәа рхы ишадмырхәо. Убри аҟнытә ҳфонд еизнагаз аԥара Аԥснытәи агәыҳалалратә фонд ахь ишьҭны амедицинатә маругақәа аахәан. Абас аусура цалоит маҷ-маҷла, ҳара аԥара ҳшәалоит, дара ҳахьӡала амаҭәахәқәеи ахәшәқәеи аархәалоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Чқәақә.
Афонд "Аидгылара ацҳа" алахәыла иажәақәа рыла ас еиԥш апроект Ашықәс ҿыцанӡа инагӡахоит. Ацхыраара еиҳарак Гәдоуҭатәи агоспиталь иазырхоуп, аха егьырҭ ахәышәтәырҭақәа рахь инаӡаргьы алшоит, аха уи Аԥсны ишырыӡбо еиԥш, ҳәа иҳәеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.