Сурманиӡе Аҟәа аӡымҩангагақәа рыԥсахразы: иус мариам, амҽхак ҭбаауп
© Sputnik
Аҟәа аӡымҩангагақәа рышьҭаҵараз ахыркәшаратә усурақәа ирҿуп. Ҩымш ҵуеит аҳҭнықалақь ӡыда иҟоижьҭеи.
"11 бригада аус руан, асааҭ 12-нӡа иалгар акәын, аха амшцәгьа иахҟьаны иҟалеит ауадаҩрақәа. Ақәа анлеи ажрақәа ирҭалоз аӡы хазы иҭыргалар акәхеит. Аусзуҩцәа ашьыжь асааҭ ԥшьба-хәбанӡа аусура иаҿын. Ас еиԥш аусурақәа аибашьра ааилгеижьҭеи ақалақь аҩнуҵҟа имҩаԥымсыцызт, дара рымҽхак даара иҭбаауп. Ацәаҳәақәа анышьҭарҵалак ашьҭахь ақаҭран ықәҵаны, ауаа рныҟәарҭақәа алганы иҟалоит. Ари капиталла имҩаԥго усурақәоуп, аӡымҩангагақәа рхаҭабзиара ҳаракуп, ҳақәгәыӷуеит зегьы маншәалахап ҳәа", - еиҭеиҳәеит Сурманиӡе.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: