Арадио

Амҷба еиҭеиҳәеит Очамчыра "араион апаспорт" шеиқәыршәоу атәы

Очамчыра араион ахада Станислав Амҷба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "араион апаспорт" шеиқәыршәоу атәы. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа анапынҵа риҭеит "араионқәа рпаспортқәа" еиқәдыршәарц.
Sputnik
Амҷба еиҭеиҳәеит Очамчыра "араион апаспорт" шеиқәыршәоу атәы

"Араион аҟны 27 қыҭа ыҟоуп, урҭ рҟны аҳаблақәа рацәоуп. Ақыҭанхамҩа иадҳәалоу адгьыл 52 нызқьи 600 гектар ыҟоуп.Урҭ рахьтә: амхылаҵарҭақәа х-нызқьи 100 гектарк, ашәырқәа ирыҵаркуа 9 нызқь гектар, аҭәархырҭақәа 328 гектар, арахә ахьҳәо 27 нызқьи 600 гектар, абнатә фонд 34 нызқь гектар аҵанакуеит. Иара убас, ауаҩы ихы иаимырхәо 16 нызқь гектар рҟынӡа адгьылқәа ыҟоуп", - иҳәеит Амҷба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: