Алиев Ҟарабахҟа иааԥхьаз аруаа етап-етапла арраҟынтә рхы ишақәиҭыртәуа иҳәеит

Ашьха Ҟарабах аимак азонаҿы аинышәаратә процесс иалагеит абҵара 10 рзы. Арегион ахь инеит урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Азербаиџьан ахада Ильхам Алиев инапы аҵаиҩит 2021 шықәса мшаԥы 15 аҟынӡа Ҟарабахҟа иааԥхьаз аруаа етап-етапла арраҟынтә рхы ишақәиҭыртәузы аусԥҟа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Азербаиџьантәи Ареспублика ахада иусдҵа № 2280 инақәыршәаны цәыббра 28, 2020 шықәса рзы Ҟарабахҟа иааԥхьаз аруаа етап-етапла арраҟынтә рхы иақәиҭтәхоит 2021 шықәса мшаԥы 15 аҟынӡа", - ҳәа аҳәоит аусдҵа атекст.

Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарцәгьеит цәыббра 27 рзы. Бџьаршьҭыхрыла аиҿагылара аанкыларазы аҽазышәарақәа ҟаҵан.

Азербаиџьан Ҟарабах иҭахаз рхыԥхьаӡара иалацәажәеит

Убас, Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачинтәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдеит.

Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачинтәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылеит.