Шамба еиҭеиҳәеит Абӷархықә иқәынхо зыргәамҵуа азҵаарақәа ртәы
© Sputnik
"Амҩа аҟаҵара иаҿуп, 30 процент рҟынӡа иҩаскьахьеит. Аусурақәа ирылагеижьҭеи 3-4 мшы ҵуеит, амшгьы ирнаҭомызт. Аҷандарааи ҳареи ҳамҩа акоуп, Абӷархықә иаҵанакуа 10 километрак ыҟоуп. Ақыҭаҟны анхаҩы ииҭаху амҩеи, аӡи, алашареи роуп", - иҳәеит Шамба.
Иара иазгәеиҭеит ақыҭаҟны афымцалашара аганахьала ауадаҩрақәа шыҟоу, иара убас аӡы азҵаара ӡбамкәа иаанхоит иахьагьы.
Абӷархықә ақыҭа ахада игәы иаланы иҳәеит ауаҩы ибзазараҟны ихадоу азҵаарақәа ахьыӡбам уааԥсырала ақыҭауаа реиҵыҵра иаԥырхагоуп ҳәа. Иахьа аҭаацәара иаламлац, зықәра иахыԥахьоу ахацәа ақыҭаҟны 80-ҩык инарзынаԥшуеит.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Гәдоуҭа араион ақыҭақәа ҩба рҿы амҩаҟаҵара иалагеит