Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра 60 шықәса ирҭысхьоу рзы алаҵаҟаҵаразы азин ҟанаҵоит

Акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" хра аманы ахы аанарԥшит 60 шықәса ирҭысхьоу ауааԥсыра ианыҟарҵа ашьҭахь.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26-Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра 60 шықәса ирҭысхьоу ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵаразы азин ҟанаҵоит, абри атәы иҳәеит аминистр Михаил Мурашко ателеканал "Россия 24" аефир аҟны.

"Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иаднакылеит алаҵаҟаҵаразы абжьгара ҿыцқәа. Уажәшьҭарнахыс "Спутник V" алаҵа рзыҟаҵара азин ыҟоуп 18 шықәса зхыҵуеи иреиҳауи ауааԥсыра. Уи инақәыршәаны, зықәра 60 шықәса ирҭысхьоу ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа аҽацәыхьчаразы алаҵа ҟарҵар ҟалоит", -  иҳәеит аминистр.

Акоронавирустә инфекциа хызҽуа Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп 2021 шықәса ажьырныҳәа анҵәамҭа жәабран алагамҭаз, абри атәы иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ателеканал Russia Today иаиҭаз аинтервиу аҟны.

Цәыббрамзазы иҳәан Аԥсны Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" 20 нызқь доза рҟынӡа иҟоу апартиа ишазыԥшу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: