Урыстәыла акоронавирус здырбалаз рхыԥхьаӡара х-миллионк иреиҳахеит

Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа Урыстәыла 29 258 акоронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп ҳәа аанацҳауеит COVID-19 ауааԥсыра рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26-Sputnik. Урыстәыла акоронавирус здырбалаз рхыԥхьаӡара х-миллионк иреиҳахеит (3 021 964-ҩык), абри атәы аанацҳауеит COVID-19 ауааԥсыра рацәыхьчаразы Москва аоперативтә штаб.

Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа Урыстәыла 29 258 акоронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп. 15,6% аклиникатә ҟазшьа аадырԥшуамызт. 567-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит. Ргәабзиара шьақәгылеит 28 185-ҩык.

Апандемиа аамҭазы Урыстәыла иԥсхьеит авирус иахҟьаны 54 226-ҩык, ргәы бзиахеит –  2,4 миллионҩык.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 8350-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 6686-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 107-ҩык.

Зегь реиҳа акоронавирустә хҭысқәа алкаауп ЕАА, Индиа, Бразилиа, Урыстәыла аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылоит, иаԥхьагылоуп Франциа, Британиа ду, Ҭырқәтәыла, Италиа, Испаниа, Германиа, Колумбиа, Аргентина.