Арадио

Чхамалиа агазеҭ "Аԥсуа университет" азы: аредакциа иҩнымсыз ажурналистцәа ыҟам

Агазеҭ "Аԥсуа Университет" иахыҵит 39 шықәса. Уи аредактор хада Алхас Чхамалиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи аханатә аҭыҵра ишалагази, инаныгӡо ахықәки ртәы.
Sputnik
Чхамалиа агазеҭ "Аԥсуа университет" азы: аредакциа иҩнымсыз ажурналистцәа ыҟам

"Агазеҭ аҭоурых иуадаҩыз аамҭа ианысит. Иара раԥхьатәи редакторс даман ажурналист, аибашьҩы Николаи Џьонуа. Дара аџьабаа азибеит. Ашьапы иқәиргылеит. 1989 шықәсанӡа иара дахагылан, анаҩс жәлар рфорум "Аидгылара" анеиҿыркаа уи агаӡеҭ ҭыжьтәын азы уахь диасуеит. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раангьы иара ҭыҵыртә еиԥш алшара ыҟамызт хышықәса. Агазеҭ аҿы ианыԥшуеит ауниверситет ганрацәалатәи аԥсҭазаара. Раԥхьатәи аномер анҭыҵыз усҟантәи аректор Зураб Анчабаӡе иазгәаиҭон: "агазеҭ- ҳуниверситеттә ԥсҭазаара иадҳәалоу аусқәа рганахьала изаҟаразаалакгьы џьара акы аҩымшәо, ахҭысқәа зегьы ирылахәны, уи ианыԥшуа, иҟалароуп" ҳәа. Убри ауп ҳара хықәкыс иҳамоу", - ҳәа азгәеиҭеит Чхамалиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.