Баренц имшын аҿы аԥсыӡкцәа рыӷба ӡааҟәрылеит, 17-ҩык рхабар еилкаам

Аӷба "Онега" Баренц имшын акваториаҿ иӡааҟәрылеит ҳәа аинформациа ҟалеит ашәахьа ашьыжь.Аӷба "Онега" Баренц имшын акваториаҿ иӡааҟәрылеит ҳәа аинформациа ҟалеит ашәахьа ашьыжь.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Аԥсыӡкцәа рыӷба "Онега" 19-ҩык ҭаны Баренц имшын аҿы иӡааҟәрылеит, ҩыџьа еиқәырхоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла АҶА адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аӷба "Онега" Баренц имшын акваториаҿ, Адгьыл Ҿыц ааигәара иӡааҟәрылеит ҳәа аинформациа ҟалеит ашәахьа ашьыжь.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла аӷба амшын иахьадҵаалаз азы иӡааҟәрылеит.

Уажәы иӡыз аԥсыӡкцәа рыԥшаара иаҿуп аӷба "Войково" аекипаж. Уахь амҩа иқәуп даҽа х-ӷбак.