Гогуаԥҳа COVID-19 зыдбало ачымазцәа тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭа ишадҵаало: аусура цәгьахеит
© Sputnik
"Ҳахәшәтәырҭаҟны аҿкычымазара зыхьуа рзы 15 – ҩык рҭыԥ аартуп. Уи ианааҳарт аҩбатәи –ахԥатәи амшқәа рзы иаразнак иҭәит. Иаауа уажәы ауаа рацәаҩуп, аиашазы, даара аусура цәгьахеит, аха макьана ҳаихоит. Ачымазцәа иахәҭоу ацхыраара рымоуп, иҳалшо ҟаҳҵоит. Ҳара ҳҟны ишьҭоу зҭагылазаашьа цәгьам роуп, ибааԥсу агоспиталь ахь иҳашьҭуеит. Аҟәша ааҳартиижьҭеи иҟоуп илҳаҩҩаз, згәы бзиахаз ачымазцәа", - лҳәеит Гогуаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>