Арадио

Ашәба раԥхьатәи аԥсуа нбаншәҟәы азы: аҩыра змоу ажәлар доуҳала ибеиоуп

155 шықәса раԥхьа кавказҭҵааҩ-абызшәадырҩы Пиотр Услар аԥсуа бызшәа алфавити аграмматикеи рышәҟәы аԥсуа нбан ҭижьит. Уи ҳмилаҭ рхатәы бызшәала аҩыраҟны ҭыԥс иааннакылаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Sputnik
Ашәба раԥхьатәи аԥсуа нбаншәҟәы азы: аҩыра змоу ажәлар доуҳала ибеиоуп

"Раԥхьаӡатәи аԥсуа шәҟәы ҳәа ажәлар аҵара рҵартә еиԥш ироуз ашәҟы, рхәыцра, рҭоурых зланырҵаша, рҿахәы зларҳәаша уаанӡа акы ыҟазаргьы макьана иԥшааны иҳаздырӡом. Пиорт Карл-иԥа Услар инапы зиркыз, ашьҭахь Бартоломеи еихеиҳаз акыр ҳаԥсуа доуҳа аҟны хәарҭара ду ҟанаҵеит. Усҟантәи аамҭазы ҳауаажәлар, Кавказ жәлар злагылаз арыцҳараҟны ишаԥалшеи, хықәкы хадас иқәгылаз? Аибашьра цон, аԥсуаа иҳамаз ҳаҳра, ҳҳәынҭқарра ду, ҳажәлар абриаҟара еидгыланы идыргылоз абаақәа рҿахәы рзымҳәо, имаҷу, доуҳала илаҟәу ҳакәны ҳҟалон уи аҩыза аҩыра ҳмоузҭгьы", - иҳәеит Ашәба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: