Арадио

Гәниаԥҳа еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц ауха Аԥсуа телехәаԥшрала иддырбо атәы

Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ Анна Гәниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәа ауха ахәаԥшцәа ирыдыргало апрограмма атәы.
Sputnik
Гәниаԥҳа еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц ауха Аԥсуа телехәаԥшрала иддырбо атәы

"Ателехәаԥшҩы Ашықәс ҿыц аныҳәа ауха игәаԥхаша адырраҭара еиҿукаарц азы шықәсыбжак, шықәсык аԥхьагьы аҽазыҟаҵара уалагароуп. Есҽнытәи ҳефир ҳҽахаршәаланы мызкы аԥхьа аҽеиқәыршәара ҳалагеит, асценари ҳаҿын. Хымԥада, Ашықәс ҿыц ауха амузыка, аԥсуа ашәақәа ыҟазароуп. Уи азы ҳашәаҳәаҩцәа ҳрыҳәан ашәа ҿыцқәа ҳзанырҵеит, убасгьы жәлар рашәақәа ҿыцны иҭарыҩыз ҟалоит", - лҳәеит Гәниаԥҳа.

Гәниаԥҳа иара убасгьы еиҭалҳәеит, ателехәаԥшра аусзуҩцәа рҟынтәи ииасуа 2020-тәи ашықәси иааиуа ашықәс ҿыци рхаҿсахьақәа назыгӡо зусҭцәоу.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: