Урыстәылатәи адипломатцәа: Ухань COVID-19 иаиааиит алеишәеиҿкаарала

Шықәсык аԥхьа, 2019 шықәса, ԥхынҷкәын 31рзы Китаи анапхгара ВОЗ адырра анаҭеит уаанӡа идырмыз агәаҵәкра шхәыҵҟьаз Хубеи апровинциа Ухань ақалақь аҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 - Sputnik. Урыстәылатәи адипломатцәа: ргәаанагарала Ухань COVID-19 иаиааиит алеишәеиҿкаарала.

Усҟан урыстәылатәи ауааԥсыра уи аҭыԥ аҟынтәи иқәызгоз урыстәылатәи адипломатцәа РИА Новости аинтервиу арҭеит.

Раԥхьаӡа акәны, 2019 шықәса, ԥхынҷкәын 31 рзы Китаи анапхгара ВОЗ адырра анаҭеит уаанӡа идырмыз агәаҵәкра шхәыҵҟьаз Хубеи апровинциа Ухань ақалақь аҿы. Аҿкчымазара официалла COVID-19 ахьӡырҵеит. Ухань 76 мшы адунеи иаҟәыганы иҟан. Акарантин аԥырхит мшаԥы 8 рзы. Иахьазы аӡәызаҵәыкгьы акоронавирус имам.

"Апандемиа аиааираҿы ихадароу алеишәеиҿкаароуп. Китаиаа, аԥҟара ԥҟарроуп, хысшьа амам ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аҳәынҭқарра ацхыраара, ажәлар зегь рыцхыраара, алеишәа – абарҭ роуп аиааира згаз",- еиҭеиҳәоит Китаи иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ Максим Цыганков.

Адипломат еиҭеиҳәеит Ухань урыстәылаа аналыргоз ацхыраара аҟаҵаразы аҳауатә коридор шыҟаҵаз.

"Ашьыжь асааҭ быжьба инаркны уаха асааҭ быжьбанӡа ақалақь ахь иааргон ҳаирпланла аполициаа, аруаа, амедусзуҩцәа, афатә-ажәтә, аӡыржәтә. Уахынла аҳәаанырцәуаа алҵуан. Асааҭ 12 рышьҭахь ес-минуҭ аҳаирпланқәа тәон. Китаи зегь ацхыраара ҟанаҵон", - иҳәеит иара.

Цыганков иколлега, Ацҳаражәшәарҭа амаӡаныҟәгаҩ Константин Невежкин иҳәеит алеишәеиҿкаара хыхьынтәи дҵамызт, ауаа рыҩныҵҟатә леишәа акәын ҳәа.

"Ҳара ақалақь аҿы аныҟәара азин ҳаман. Иҟан аҭыԥқәа адыргақәа змаз, аҵакыра ахысра ҟалом ҳәа. Аха иҟан ҟарулкгьы дахьгыламыз. Убри аан ауаа дара рхаҭақәа ари аҵакыра иахысуамызт",- азгәеиҭоит Невежкин.