Арадио

Ломиаԥҳа: амедицинатә коллеџь иалго рдыррақәа аибашьраҟны рааԥшра рықәымшәааит

Ажьырныҳәа 1, 1931 шықәсазы иаартын Аҟәатәи амедицинатә ҵараиурҭа. Уи иабзазшьоу, иҟоу азанааҭқәа ртәы радио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәатәи амедицинатә коллеџь аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Светлана Ломиаԥҳа.
Sputnik
Ломиаԥҳа: амедицинатә коллеџь иалго рдыррақәа аибашьраҟны рааԥшра рықәымшәааит

Амедицинатә техникум аҟны иаартын ҩышықәсатәи аҵарашықәс аҩнуҵҟала амедицинатә техникцәеи афармацевтцәеи азыҟазҵоз аҟәшақәа. 1935 шықәсазы амедицинатә техникум афельдшер-акушертә школ ҳәа еиҭакын. 1955 шықәсазы цәыббрамзазы ашкол амедицинатә техникум ҳәа еиҭаԥсахын, уи иоунажьуан афельдшерцәа, акушерцәа, амедиаҳәшьцәа. Иахьа Аҟәатәи амедицинатә коллеџь аҿы иазыҟарҵоит быжь-факультетк рҿы: "Амедиаҳәшьара аус", "Ахәышәтәра аус", "Ахшараиура аус", "Ахаԥыцхәышәтәра", "Аԥтека аус" уҳәа.

"Амедицина агәыбылра змоу аҿар аднагалоит есышықәса. Аҵыхәтәантәи хԥа-ԥшьба шықәса ирҭагӡаны аҩбатәи азанааҭ ҳәа афельдшерра зҭаху рацәаҩхеит, аԥҭекатә ус иадҵаало маҷӡам", - лҳәеит Ломиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Амедицинатә коллеџь астудентцәа ахәышәтәырҭақәа рахь инеит ацхырааразы