Аҟәысба: иҳаҩсыз ашықәс уадаҩын Аԥсны иҟоу ҳашьцәеи ҳареи ҳаимадаразы
© Sputnik
"Ишаҳдыруа еиԥш, ҵыԥхтәи ашықәс адунеи иқәынхо ауаажәлар зегьы рзы иҽеимызт ҳәа ус ҳхәыцуеит. Анцәа ҳиҳәоит уи еицәоу ҳаимырбарц. Ҳфедерациа шьақәгылеижьҭеи 10 шықәса ҵуеит, 14 шықәса ҵуеит саргьы Аԥсны сцаны саауеижьҭеи. Даара ҳагәхьааибагеит, шықәсык ҵит Аԥсны сзымнеиуеижьҭеи, ҳашьцәа арахь изымааижьҭеи ачымазара иахҟьаны. Уи араатәи ҳусурагьы иаԥырхагахеит ҳҳәар имцхаӡом, акыр аџьабаа ҳнарбеит", - иҳәеит Аҟәысба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҟәысба COVID-19 аҿагыларазы Ҭырқәтәылантә ацхырааразы: аиашьа иҟаиҵо "иҭабуп" ахҳәаатәӡам