Арадио

Гәниа "Абџьар азы" азакәан иазкны: акыр иалацәажәахьеит, аха аус анагӡара даара иуадаҩхеит

2020 шықәсазтәи Апарламент аҵыхәтәантәи аилатәараҿы ирыдыркылеит "Абџьар азы" азакәан. Жәлар реизара ашәарҭадареи атәылахьчареи рзы аилак ахантәаҩы Илиа Гәниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит азакәан анагӡаразы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.
Sputnik
Гәниа "Абџьар азы" азакәан иазкны: акыр иалацәажәахьеит, аха аус анагӡара даара иуадаҩхеит

"Абџьар ахархәара азин змои измами реилыргаразы иаҭахуп азакәан. Ари азҵаара акырӡа иалацәажәахьеит, аха аус анагӡара аҟынӡа анагара даара иуадаҩхеит. Ажәлари аҳәынҭқарреи абџьар зыхәҭои изыхәҭами еилырганы аҭыԥ ақәҵара иазырхоуп азакәан", - ҳәа азгәеиҭеит Гәниа.

Адепутат иҳәеит, азакәан аҿы ишарбо абџьарқәа реиԥшымзаарала урҭ рныҟәгареи, рыҵәахреи азин змоу. Атапанча акәзар, Гәниа иажәақәа рыла, уи аахәареи аныҟәгаразы азин змоу ауаҩы арра далгахьазароуп, 27 шықәса дреиҵымзароуп, аха уи азин уоурц ирацәаны ашәҟәқәа еизгатәуп, амедициантә комиссиа дахысроуп, ҳәа еиҭеиҳәеит адепутат.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: