Ҟәбина даҽа 187 акоронавирустә хҭыс ҿыц ашәҟәы иҭагалоуп

Апандемиа аамҭазы Ҟәбина акоронавирус рыдбалоуп 28 479- ҩык, урҭ рахьтә 2311-ҩык хәыҷқәоу, ргәы бзиахахьеит 19103-ҩык,  рыԥсҭазаара иалҵит 992-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 4-Sputnik. Ҟәбина авирус шрымоу шьақәыргылан даҽа 187-ҩык, ииасыз уахи-ҽни рыла рыԥсҭазаара иалҵит 15-ҩык апациентцәа, абри аанацҳауеит атәылаҿацә аҿы еиҿкаау COVID-19 аҿагыларазы аоперативтә штаб.

Акоронавирус ззышьақәырӷәӷәоу 85-ҩык хацәоуп, 102-ы ҳәсақәоуп, ааҩык ахәыҷқәа.

Краснодартәи атәылаҿацәа аҟны иаарԥшуп 51 хҭыс ҿыц, Шәача- 17-ҩык.

Ҟәбина апандемиа аамҭазы ачымазара арбагақәа иартәоит 501,8. COVID-19 зыдбало 1555-ҩык аҩны рҽырхәшәтәуеит, аҩны 6829-ҩык.

Ҟәбина COVID-19 ирекордтәу ахҭыс ҿыцқәа азгәаҭоуп уахыки-ҽнаки рыла

Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа рзы Крансодартәи атәылаҿацә атуристцәа шаҭаац иаҭаауеит.

Краснодартәи атәылаҿацә анапхара адыррақәа рыла ԥхынҷкәын 30 инаркны ажьырныҳәа 3-нӡа Шәача ашьахараҿы иҟоу асасааирҭақәа ирыднакылеит 60 нызқьҩык асасцәа, ажьырныҳәа 2 рзы ашахатәмҩа рхы иадырхәеит жәа-нызқьҩык.

Шәачатәи акурортқәа асанитартә нормақәа ирықәныҟәоит. Ауаа рацәа ахьеизо аус руеит 40-ҩык аволонтиорцәа, дара хәыда-ԥсада асацәа асабрадақәа рзыршоит, асоциалтә дистанциа ақәныҟәара алдыршоит.

Краснодар атәылаҿацә аҿы еиҿкаау COVID-19 аҿагыларазы аоперативтә штаб ирҳәоит, Шәачатәи аҳаирбаӷәазеи авокзалқәеи рҿы аҳақьымцәа аџьаԥшьара шымҩаԥырго, иара убас уа иҟоуп Роспотребнадзор ахаҭарнакцәагьы. Иаауа атуристцәа зегьы ршоура гәарҭоит. Ашоура зыдбало ауаҩы дышьҭхоит аҽыԥхьакырҭахь, акоронавирус изышьақәдырӷәӷәар аковидтә госпиталь аҟны дышьҭаҵахоит.