Абиткоин акурс ҩаԥхьа аҭоурыхтә рекорд аҟынӡа ихалеит

Адунеи аҟны зегь реиҳа ирылаҵәоу акриптовалиута аҵыхәтәантәи хымз рыла ҩынтә ахә шьҭыҵит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Адунеи аҟны зегь реиҳа ирылаҵәоу акриптовалиута - абиткоин - ҩаԥхьа аҭоурыхтә рекорд аҟынӡа ихалеит, уи ахәԥса 35 нызқь доллар иахысит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аҭирақәа рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

20 биржа рҟны иаагоу ахәԥсақәа рыбжьаратә ҩаӡара зыԥхьаӡо апортал CoinMarketCap адыррақәа рыла, москватәи аамҭала 07.29 рзы абиткоин ахә иацлеит 11,16% рыла, ихалеит 35 634 нызқь доллар рҟынӡа. Акриптовалиутақәа рыҭиразы иреиҳаӡоу абиржа Binance аҟны абиткоин иазҳахьеит 35 887 нызқь доллар рҟынӡа.

Абиткоин иаҵанакуеит акриптовалиута аглобалтә џьармыкьаҟынтәи 71,1 процент.

Абиткоин 31 нызқь доллар иахысит асабша, ажьырныҳәа 2 рзы.