Аконгресс ахада иалхрақәа рҟны Баиден ииааира шьақәнырӷәӷәеит

Аԥшьаша Апалата алахәылацәеи Сенати реилатәараҿы абжьыҭарақәа рҟны Џьо Баидан ииааира шьақәнырӷәӷәеит. ЕАА ахада иалхрақәа рҿы адемократ Баиден 306 бжьы иоуит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 7-Sputnik. Аилацәажәараҿы Баиден ишьақәырӷәӷәаразы рыбжьы ирҭеит 306-ҩык, макьана ЕАА ахада Дональд Трамп-232 бжьы иоуит. Аконгресс аилатәара еиԥҟьон: апалата алахәылацәа аилацәажәаразы еилыҵуан, Џьорџьиеи Пенсильваниеи аштатқәа рҟны алхрақәа рылҵшәақәа иахьақәшаҳаҭмыз иахҟьаны. Аформал ҟазшьа змаз аилатәара сааҭқәак имҩаԥысуан, еиԥырҟьан ареспубликанец Трамп идгылаҩцәа ахыбра ианажәла.

Ԥшьҩык ҭахеит Вашингтон имҩаԥысуа аҿагыларатә акциақәа ирыхҟьаны

Трамп иҳәеит алхрақәа рылҵшәақәа дшақәшаҳаҭым. Идгылаҩцәа ааиԥхьеит алҵшәақәа иаҿагыларц. Дара Капетолиа иажәлеит, алхрақәа рылҵшәақәа ииашам ҳәа ахырҳәааит.

Вашингтон х-нызқьҩык аруаа нарышьҭит, рхы иадырхәит алаӷырӡаагага агаз. Амчратә усбарҭақәа русзуҩцәа ирыԥшааит арҭҟәацгақәа. Аахақәа роуит хәҩык.

Вашингтон 18:00 инаркны (2:00 мокватәи аамҭала) акомендантә сааҭ рылаҳәоуп.

Баиден аҳәамҭа ҟаиҵеит, аҿагыларатә акциақәа америкатәи адемократиатә система аҵшәаара ишазырхоу.

46-тәи ЕАА ахада иҭоубашьҭаҵара мҩаԥгахоит ажьырныҳәа 20 рзы.