Арадио

Барцыц Гагра араион аҟны амцакрақәеи ирҭааз аԥсшьаҩцәеи ирызкны

Гагра араион аҟны амцакрақәа иҟарҵаз аԥхасҭеи, аныҳәатә ԥсшьарамшқәа рзы ирҭааз асасцәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡои ртәы арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.
Sputnik
Барцыц Гагра араион аҟны амцакрақәеи ирҭааз аԥсшьаҩцәеи ирызкны

"Ашықәс ҿыц азы абылрақәа рлеишәа цәгьа аадырԥшит. Ԥшьымш раԥхьа Гагреи Ԥсоуи рыбжьара абнарақәа рҟынтәи ақалақь уахьналало амҩаду аҟны иаҳа ибааԥсын, амца ӷәӷәаны иқшеит аԥсшьарҭа ҩны "Москва" ахыбра ашҟа. Амца хԥеи бжаки километра рҟынӡа аҵанакит. Иҳәатәуп, амцарцәаҩцәа уахгьы- ҽынгьы рхы иамеигӡакәа аус шыруаз. Аекипажқәа хәба дәықәҵан, уахынла аҷаԥшьаҩцәа гылан. Амца аанкылара рылшеит, аха иахьагьы ҳҷаԥшьуеит, аҭагылазаашьа ҳахылаԥшуеит. Иҟоуп амҩаду ахь ахаҳә дуқәа ахькаҳаз, ҳамчала зегьы ықәаҳгеит. Автоинспекциа аусзуҩцәа ԥсшьара иааз ҳасасцәа рмашьынақәа рныҟәара ԥырхага рмоурц ахылаԥшра ҟарҵон", -иҳәеит Барцыц.

Иара иазгәеиҭеит, 7-8 гектар рҟынӡа рымҽхаркит амцакрақәа ҳәа.

Убасгьы Гагра араион ахада иҳаҭыԥуаҩ иҳәеит сынтәа аныҳәақәа рзы ԥсшьара ирҭааз атуристцәа рхыԥхьаӡара 5 нызқьҩык иреиҳауп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: