Абиткоин арекорд ҿыц шьақәнаргылеит, ахәԥса 40 нызқь доллар иахысит

Абиткоин иаҵанакуеит акриптовалиута аглобалтә џьармыкьаҟынтәи 71,1 процент.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 8 - Sputnik. Абиткоин ахәԥса 40 нызқь доллар иахысит, аҭирақәа рдыррақәа рыла.

CoinMarketCap адыррақәа рыла, москватәи аамҭала 21.15 рзы абиткоин ахә иацлеит 14,28% рыла, ихалеит 40,158 нызқь доллар рҟынӡа.

Акриптовалиутақәа рыҭиразы иреиҳаӡоу абиржа Binance аҟны абиткоин иазҳахьеит 14% рыла, 40,202 нызқь доллар рҟынӡа.

Абиткоин ахәԥса арекорд 30 нызқь доллар иахысит ажьырныҳәа 6 рзы.