Арадио

Кәарцхьиа: абылрақәа ахаан адгьыл иахәо иҟамызт

Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарцхьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит абылрақәа адгьыли аԥсабареи иааизакны ишырныԥшуа атәы.
Sputnik
Кәарцхьиа: абылрақәа ахаан адгьыл иахәо иҟамызт

"Абнақәа рықәшьаара зегьы иреицәоу аус ҳәа исыԥхьаӡоит. Абнаҿы адгьыл иамоу аԥсылара иара иазхоит, абылра ашьҭахь иаанхаз ахәа аиҳа, иара икаԥсо абӷьы бааны иуацхар, иаҳа иахәоит. Абылра ахаан адгьыл иахәо иҟамызт, амала ахьшьцәа аамҭала амца ацрарҵон, адгьыл ԥхар аҳаскьын заа иҩеиуеит ҳәа, аха уи баша жәаны ирҳәоит. Аҳаскьын шаац иаауеит, аха ажәытәи аҿатәи еилнаргоит, аҿа амацара ианаалак арахә рзы ибзиоуп. Гәдоуҭа араион абнақәа ақыҭанхамҩатә дгьылқәа иахьырзааигәо иҟаӡам, аха сынтәа абна амца анакы Гарԥ, аҩнқәа даара ирзааигәахеит. Амцакрақәа ажәытәангьы иҟан. Ауаа хылаԥшрада амца анаанрыжьлак, убас иҟалалоит", - еиҭеиҳәеит Кәарцхьиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: