Абиткоин ахә змаҷхаз атәы ҳәоуп

Ахәашаҽны биткоин ахәԥса рекордла иазҳаны 41 057 доллар рҟынӡа ихалеит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Абиткоин ахәԥса акоррекциа аҭаххеит иара акаҳара иахырҟьаны ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит ихьыԥшым аексперт Мансур Гусеинов.

Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы еиҳа ахархәара зҭоу акриптовалиута – абиткоин ахә ҩынтәны ихалеит.

Абиткоин арекорд ҿыц шьақәнаргылеит, ахәԥса 40 нызқь доллар иахысит

"Иахьа биткоин ахәԥса лаҟәит 32 500 доллар рҟынӡа. Ахәашатә рбага иаҿырԥшны 22% илеиит. Мызкы аҩныҵҟа ҩынтә асеиԥш аизҳара шәарҭарак ала маха уаанӡатәи ахҭысқәа ирызхьаԥшлатәуп", - иҳәеит иара.

Гусеинов иара убасгьы иазгәеиҭеит авалиута аизҳара иаҿуижьҭеи 300 мшы шыҵуа. 2020 шықәса хәажәкырамза аахыс 20% еиҳаны акоррекциа шыҟаҵамыз.

"Ицҵоу факторны иҟоуп адоллар ахә 90 аҿы ашьақәгылара, америкатәи акциатә џьырмыкьақәа рҿы аҭоурыхтә ҳаракырақәа, адунеитә економика аиҭашьақәгылара шьшьылаҳарала амҩаԥысра", -  иҳәеит иара.

Аексперт иажәақәа рыла, акриптовалиута ахәԥса ашьақәыртәара алшоит акоронавирус аҿагылараҿ аԥыжәарақәа рыҟазаара.

Иахьазы авалиута ахә 32 538 доллар иҟоуп.

Гусеинов иҳәеит абиткоин амза абасеиԥш ианаркыр, ахәԥса аизҳара иалагар алшоит.