Ашьха Ҟарабах урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа рзы аиланхарҭа маҷ дыргылеит

Степанакерти Гетавани уаанӡа аамҭа кьаҿла идыргылахьан аиланхарҭа маҷқәа ҩба.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аҭынчреиҿкааҩцәа рзы амодуль-блоктә еиланхарҭа маҷ дыргылеит Ашьха Ҟарабах иҟоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аматериал-техникатә еиқәыршәара аҟазауаа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Степанакерт арратә госпиталь аусура хацнаркит

Аиланхарҭа ҩнымаҭәала ирхиоуп, иара убасгьы абзазаратә техника ала. Аиланхарҭақәа рҵакыраҿы иҟоуп: аспорттә зал, аҽыкәабарҭақәа, амедицинатә пункт, аӡәӡәарҭа, арбарҭа, аԥсшьарҭа уадақәа, амазараҵәахырҭа, акрыфарҭа, афатәҵәахырҭа.

Ашьха Ҟарабах аминаҵхратә процесс шымҩаԥсыц имҩаԥысуеит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аминаҿагыларатә жәларбжьаратә центр аҟазауаа Степанакер иахьаҵанакуа аминақәа рыҵхраан рхы иадырхәоит ҳаамҭазтәи аробототехникатә комплексқәа "Уран-6".

2020 шықәса абҵара 23 раахыс урыстәылатәи аҟазауаа идрыцқьахьеит 479,2 гектар адгьылҵакыра, 182,8 километра амҩақәа, 710 нхарҭаҭыԥ, еиҵыхуп 23 000 рҭҟәацга маҭәар.

Ишәарҭоу амаҭәарқәеи иԥымжәаз артҟәацгақәеи аполигон ҷыдахь инаганы иԥыржәоит.