Ишәарҭоу амаҭәарқәеи иԥымжәаз артҟәацгақәеи: Ашьха Ҟарабах асапиортә усурақәа

Жәларбжьаратәи аминаҿагыларатә центр аҟазауаа Ашьха Ҟарабах асапиортә усурақәа мҩаԥыргоит.
Sputnik

Ашьха Ҟарабах аминаҵхратә процесс шымҩаԥсыц имҩаԥысуеит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аминаҿагыларатә жәларбжьаратә центр аҟазауаа Степанакер иахьаҵанакуа аминақәа рыҵхраан рхы иадырхәоит ҳаамҭазтәи аробототехникатә комплексқәа "Уран-6".

2020 шықәса абҵара 23 раахыс урыстәылатәи аҟазауаа идрыцқьахьеит 479,2 гектар адгьылҵакыра, 182,8 километра амҩақәа, 710 нхарҭаҭыԥ, еиҵыхуп 23 000 рҭҟәацга маҭәар.

Ишәарҭоу амаҭәарқәеи иԥымжәаз артҟәацгақәеи аполигон ҷыдахь инаганы иԥыржәоит.

Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьа аҽарыцәгьеит цәыббра 27 рзы. Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла рхадацәа Владимир Путин, Ильхам Алиев, Никол Пашиниан абҵара 10 рзы рнапы аҵарҩит  Ашьха Ҟарабах аибашьра аанкыларазы аицҳәамҭа. Уи инақәыршәаны Ермантәылеи Азербаиџьани иааныркылаз аҭыԥқәа рҿы иаангылоит, Бақәа анапаҵаҟахь ииасуеит Кельбаџьартәи, Лачатәи, Агдамтәи араионқәа, атҟәацәа еимырдоит.

Ҟарабахи Ермантәылеи еимаздо Лачатәи акоридор аҿы аурыс ҭынчреиҿкааҩцәа гылоуп.

Ҟарабах аконфликт ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь. 1992-1994 шықәсқәа рызтәи аиҿагылара ашьҭахь Азербаиџьан Ашьха Ҟарабах анапы иҵыҵит иаԥныз араионқәа быжьба налаҵаны. 1992 шықәса раахыс ОБСЕ Минсктәи агәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак ҭынчрыла аилыргаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит. Азербаиџьан аҵакыратә акзаара атәы иалацәажәоит, Ермантәыла – иазхаҵам ареспублика аинтересқәа ахьчоит.