АҞӘА, ажьырныҳәа 11- Sputnik. Миллионки бжаки инареиҳаны COVID-19 аҟынтәи алаҵа рзыҟарҵахьеит ҳәа аанацҳауеит ишиашоу аинвистициақәа Урыстәылатәи рфонд (РФПИ).
"1,5 миллионҩык алаҵа "Спутник V" рзыҟаҵоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла иахьаҵанакуа ажьырныҳәа 5 азтәи адыррақәа рыла алаҵа ҟарҵахьеит миллионҩык инареиҳаны. Убри аан иара иахырҟьаны аӡәгьы иахәҭамыз анырра изыҟанамҵеит.
"Спутник V" ахәԥса лаҵак азы 10 долларк итәоит. Уи адунеи зегьы аҿы изҭаху иҟаиҵартә аҭагылазаашьа аԥнаҵоит.
"Спутник V" Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп 2021 шықәса ажьырныҳәа анҵәамҭеи жәабран алагамҭеи рзы ҳәа ателеканал RT иазеиҭеиҳәеит ареспублика ахада Аслан Бжьаниа.
2020 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны аҳәара ҟанаҵеит "Спутник-V" 20 нызқь доза Аԥсныҟа иаашьҭызарц.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара иаԥырхагоу амзызқәа рыӡбахә ҳәоуп
Бжьаниа Аԥсны акоронавирус аҟынтә алаҵаҟаҵара ианалаго атәы иҳәеит